slider banner
Автор: Ҭамар Симониа

 

Лиле 8 шықәса зхыҵуа аӡӷаб лоуп. Лани, лаби, лашьеиҳаби еицынхоит. Лиле иԥхашьо ӡӷабуп. Лхы заҵәуп ҳәа илыԥхьаӡоит, избанзар лгәы иаанагоит лҩызцәа  лыцхәмарыр рҭахым ҳәа. Уи акәашара даараӡа бзиа илбоит, аха акәашара аурокқәа лассы-лассы иаглырхоит. Иԥхалшьоит  лцәалжьы иану ашәытарақәа аӡәы ибарҳәа. Ашкол аамышьҭахь лашьеи лареи еицны аҩныҟа ихынҳәуеит, акрырфоит нас аҩныҟатәи адҵақәа ҟарҵоит. Хәылбыҽхан урҭ зхылҵыз, рани-раби аҩныҟа иаауеит. Лилеи, лашьеи лареи уи  аамҭазы ауаҭах аҟны рҽыҵәахны итәоуп, избанзар урҭ зхылҵыз, рыбжьы дуны, иҟаауа ацәҳара иалагоит. Аб даараӡа иҽеимкуа дрызныҟәоит ихылҵ. Лассы дрықәмақаруеит, дрықәҟаауеит. Лиле лашьа, иаб лассы-лассы амаҟалеи ма даҽакалеи диԥҟоит. Ахәыҷқәа даараӡа ишәоит азын ауаҭах аҟнытә идәылҵум. Лиле лхы шымҩаԥылгара лыздыруам, лани лашьеи дызларыцхраара лыздыруам. Дшәоит уи илымоу ауадаҩрақәа 

Лиле амахәҿылатә амчылара лхылгоит. Амахәҿылатә амчылара иаанагоит ахәыҷы ааха иҭара, ахьаа – уи ҟалашьа змам ауп. Ишәхашәмыршҭын еснагь уи алҵра алшара шыҟоу, аргәаҟыҩцәа иахьырхәхоит.  Амчыхара аҟнытә ухы уақәиҭхар ҭахызар , аргәаҟҩы думҵәахыр ауп.

Николоз 10 шықәса ихыҵуеит. Уи иҭаацәара дрыцны дынхоит. Николоз ашкол ахь дныҟәаӡом, избанзар уи ашкол амаҭәахәы имаӡам, амаҭәагьы имаӡам, ашкол иақәнаго амаҭәа, уахь днеиырц азын. Уи даараӡа иҭахуп иҩызцәа рҟны аамҭа ихеигар, аха уи еилаҳәашьа амшала  зегьы ихыччоит. Иарҳәоит уи дыҟьшьуп, деиҿкаам. Николоз уи даараӡа игәникылоит, егьырҭ ахәыҷқәа реиԥш ашкол ахь дахымныҟәо азы. 

Николоз иҭаацәара игәхьаагара рымаӡамҩ Уыгьы аргәаҟра аформақәа ируакуп. Агәхьаамка иааанагоит, ани-аби рхылҵ акраниҿарымҵо, аҵара аиура ашлара нирымҭо, азҿлымҳара ирҭом  уи иара ианиҭаху аҳақьым ицхыраареи, иара убас дахьынхаша аҭыԥ анимам аанаҭагылазаашьақәа. Мариам зышықс намӡац лоуп. Уи даараӡа иԥхашьаҩу лоуп. Мариам даараӡа бзиа илбом аӡәы данылзааигәахо ма данылкьысуа. Уи аамҭазы лара лхы иҽеимкәа илбоит.  Уи еиҳа еиӷьыншьоит аӡәы дицымкәа лара лхала хазы дныскьаганы дынтәоу. Лҩызцәа рҿы аҟазаарагьы лҭахым, лгәы иаанагои атәым уи лымаӡа еилыркаауеит ҳәа, убри даадаӡа дацәшәоит.  Мариам асекстә амчымхара зхызгаз лоуп. Мариам илдыруаз, илеиҳау  аӡәы, лара лзы иԥхашьароу лцәеижь дакьысуеит, длықәмақаруеит, диршәоит ари атәы аӡәы иалҳәар, даараӡа иҽеим акы шылзиуа. Аӡӷьаб иҟалҵара лыздыруам, дшәоит. Асекстә амчыхара иаанагоит, зықәра наӡахьоу ауаҩы ахәыҷы лцәеижьы аҭыԥқәа даныркьысуа, урҭ аҭыԥқәа аӡсыратә маҭәа ала ихәиоуп. Зықәра наӡахьоу ауаҩы ахәыҷы ианидицало акинои, авидеои  ахәаԥшра, ауаа еилыхны иахьарбоу. Амчыхара даҿа формак еиԥш асексуалтә амчыхарагьы ҟалашьа амаӡам, зынӡа иҟалом. Адарбынзаалак даҽаӡәы имақарра шәацәымшәан, избанзар ус еиԥш иҟоу аҭаглазаашьа азын уи ишахәҭоу ала ахьырхәра. Иоане 9 шықәса зхыҵуа аҷкәын иоуп. Уи иани, иаби, иандуи иареи еицынхоит. Иоане даараӡа бзиа ибоит аҵара, аха уи ашкол лассы-ласы иагирхоит. Иани иабу уи лассы-лассы иацәҳауеит, иарҳәит уи дашәпоуп, иԥшра цәгьуп ҳәа. Дызхылҵыз зынӡагьы ддырҽхәом Иоане, уи еснагь иацәҳауеит игәы изырхьша иарҳәоит иԥшра цәгьоуп, акгьы илшом, аҵарагьы илшом,  ихаангьы аҩызцәа иуам. Иоане адәахьы зынӡагьы ддәылҵуам иҩызцәа драхәмарырц, избанзар игәы иаанагоит уи иҟны аҟазаара аӡәы иҭаххом ҳәа. Иан уи афатә илҭом, иалҳәоит уи ижьы каимԥсар уи еснагь абас қәҿиара имамкәа,иԥшра цәгьаны   даанхоит. Иоане апсихологиатә аммыхара иҭагылоу хәҷуп. Аԥсихологиатә амчыхара иаанагот аиҳабцәы рыла ахьымӡӷь аргара, еснагь иқәҟаареи, иқәмақарреи. Аԥсихологиатә амҷыхара ззыруа ахәыҷы ихы аӡәыкны иԥхьаӡоит. Иарбын хкызаалак амчыхара, амахәҿылат, асекстә, аԥсихологиатә ма ахәыҷы итәамбара уи ахара адзаара ауп. Дарбан хәҷызаалак даԥсоуп уи ибара, ихылаԥшреи, бзиа ибареи.

Абарҭ зегьы уара иудыруа узықәшәахьоу ракәзар, угәы иаанагозар уара ма уара иузааигәоу уҩызцәа ашәарҭа иҭагылоуп, уҩызак иуаиҳәазар, амчыхара алҵра аҟны ацхыраара иҭахуп аиуристтә ацхыраара амаҵура ҳәарада иахәҭоу аусура шәзымҩаԥнагоит. Иулшоит иаҳзыуҩыр авеб-даҟьа аҟны иҟоу ачат аҿы, иара убас аҭел-шы уаҳзасыр -1485; ма абри иарбоу аномер ала уаҳзас: 032 292 00 55.

 


Иарбын хкызаалак амчыхара, амахәҿылат, асекстә, аԥсихологиатә ма ахәыҷы итәамбара уи ахара адзаара ауп. Дарбан хәҷызаалак даԥсоуп уи ибара, ихылаԥшреи, бзиа ибареи