slider banner
Автор: Ҭамар Симониа Сара столеранзар ауп

Ухы убас имҩаԥгала уара ухаҭа иузныҟәар шыуҭаху еиԥш…

Атолерантра иаанаго даҽаӡәы дудукылар ауп дшыҟоу ала. Ауаа зегьы ҳәарада еиԥшым, рцәа аԥштәы, ркультура, рдинхаҵара, ма араса ала. Иаҳҳәап ашкол аҟны аҵара рҵар ҟалоит ақырҭуа, америкауаҩ, аиапонуаҩ уҳәа убас егьырҭ амилаҭқәа рхылҵ. Ҳхы шԥамҩаԥаҳго акласс аҟны еиԥшым ауаа аҵара анеицырҵо, еиуеиԥшым ахымҩаԥгаери, адунеихәаԥшыреи змоу?!   Лидеи, Акиои Қырҭтәыла инхоит. Лида иратәиуп, Акио иапониатәиуп. Урҭ рҭаацәа ирыцны нхара ҳара ҳтәыла аҟны иҟоуп. Лидеи, Акиеи афбатәи акласс иҭоуп, ақырҭуа ахәыҷқәа ирыцны ашкол аҟны аҵара рҵоит. Урҭ акласс аҟны аӡәы еиԥшым, избанзар ақырҭуа ахәыҷқәа иреиԥшым урҭ рдинхаҵара, ркультура. Иаҳҳәап Лида аӡәы диеиԥшымкәа лҽеилалҳәоит, избанзар уи лдин аԥсылманра ауп, уи акасы ныҟәылгоит, уи ада иҟалом. Лида лыԥшрагьы хазуп, убри азын уи ахәыҷқәа лхыччоит. Акио уи ақырҭуа бызшәа аҵара даараӡа ицәыцәгьахеит, акласс аҟны ҩыза димаӡам, избанзар акласс аҟны ахәыҷқәа еснагь идырдыруеит уи дара дышреиԥшым, уи араҟа ишыиҭыԥым. Лидеи, Акиои рахь ахәыҷқәа рыхәҭак итолерантым азнеира рымоуп. Атолерантратә азнеира уи иаанаго даҽаӡәы, идин, игәаанагара, идинхаҵара  апату ақәымҵара ҟалашьа амаӡам.   Даҽаӡәы уара уеиԥш акәымкәа иҽеилеиҳәар, даҽакала ԥшрак имазар, ицәа даҽа ԥштәык амазар ҟалоит. Уара дуеиԥшым ҳәа уи ахара иқәумҵан.    Ауаа зегьы еиԥшу алшарақәа рымаӡам. Акласс аҟны ахәыҷқәа рыхәҭак усҟак аҵара бзианы ирзымҵозар ҟалоит, егьырҭ реиԥш иаразнак ирзеилкаауам ирырҭаз адҵа, аха уи иаанагом урҭ иахьырхтәуп, ҳархыччар ауп, ма аиҽеим акы рзыҳҳәар.     Еиуеиԥшым акультура змоу ахәыҷқәа еиуеиԥшым адингьы рымоуп. Урҭ уара уеиԥш акәымкәа рхы даҽакала имҩаԥыргар ҟалоит, даҽакала ихәыцуеит. Уара усҟан ауп унтолерату, урҭ ргәаанагара пату анақәуҵо.    Иҟалар ҟалоит уара ушкол аҟны, агәарԥ аҿы ма даҽа ҭыԥк аҟны, уара уқәлацәа уахьрықәшәо, акәырҷыжь ала иныҟәо ахәыҷы дыуԥылар. Иухаумыршҭыр ауп, ҳарҭ зегьы ҳзеиԥшым, аха иара усгьы ҳарҭ зегьы еиҟроу ҳауп, избанзар ҳарҭ зегьы ауааԥсыра ҳауп.     Атолерантс аҟазаара иаанагоит аус бзиа, даҽаӡәы ицхыраара, ауаа рзыӡыҩрра, даҽа аӡәы ицәанырреи, изинқәеи рахь азҿлымҳара аҟаҵара.

Абарҭ зегьы уара иудыруа узықәшәахьоу ракәзар, угәы иаанагозар уара ма уара иузааигәоу уҩызцәа ашәарҭа иҭагылоуп, уҩызак иуаиҳәазар, амчыхара алҵра аҟны ацхыраара иҭахуп аиуристтә ацхыраара амаҵура ҳәарада иахәҭоу аусура шәзымҩаԥнагоит. Иулшоит иаҳзыуҩыр авеб-даҟьа аҟны иҟоу ачат аҿы, иара убас аҭел-шы уаҳзасыр -1485; ма абри иарбоу аномер ала уаҳзас: 032 292 00 55.

 

 


Атолерантра