2020-01-01
ბავშვთა უფლებები
ბავშვებო, მინდა გაგაცნოთ, თუ როგორ უნდა მოიქცეთ, თუ პოლიციელმა გაგაჩერათ. ამის შესახებ არსებობს კანონები და წესები, რომელიც არც პოლიციელმა, არც სხვა უფროსმა, და
2021-03-05
2020 шықәса жьҭаара мза 8, Дуиси аиуристтә маҵура аконсультациатә ацентр аҟны , ЕАР ахәыҷқәа рфонд ацхыраарала, ахәыҷқәа ирнаало ацентр аартуп.
Ацентр аартра иалахәын Аиуристтә ацхыраара ацентр адиректор Ражден Купрашвили, ЕАР ахәыҷқәа рфонд ахаҭарнак Қырҭтәыла аҟны Ӷасан Халил, Қырҭтәыла аҟны ЕАР еснагьтәи ахаҭарнак Сабине Махли.
Ахәыҷқәа рзы адаптациатә уаҭах аҟны, иҷыдоу аҩнымаҭәеи, амаҭәари рыла, ишьақәыргылоуп аҭыԥ, уи зегьы рыла аҿар рцәанырратәии, рԥсихологиатәи ҭагылазаашьеи, рыҿиареи иақәнагоит.
Ишдыру ала Аиуристтә ацхыраара амаҵура ақтиврала иалахәуп ахәыҷқәа рзинқәа ркодекси, зышықәснаӡам аиашаӡбартә акодекси анагӡараҿы. Убри аҟнытә, даараӡа ахадара ду амоуп, ари иарбоу ауаҭах алшара ала, ахәыҷқәа комфорттә ҭагылазаашьала адукатцәа рыҿцәажәара анагӡара зықәранамӡац рыҿахәы рҿыхра, аконсультациа рзымҩаԥгара.
Иара убас, апату змоу асасцәа Дуистәи аҵаҩцәа ирԥлоит, ирацәажәоит аҿар рзы иақтуалу азҵаарақәа. Урҭ ируакуп, ахәыҷқәа рзинтә акодекс иазкну
Дуистәи аконсултациатә ацентр ахәыҷқәа ирықәнаго аҭыԥ хыԥхьаӡарала аҩбатәи ауп. Раԥхьатәи ауаҭах иара убас ЕАР ахәыҷқәа рфонд ацхыраарала Русҭавтәи аиуристтә ацхыраара абиуро аҟны 2018 шықәсазы иаартын.
2020-01-01
ბავშვებო, მინდა გაგაცნოთ, თუ როგორ უნდა მოიქცეთ, თუ პოლიციელმა გაგაჩერათ. ამის შესახებ არსებობს კანონები და წესები, რომელიც არც პოლიციელმა, არც სხვა უფროსმა, და
2020-01-01
Атолерантра иаанаго даҽаӡәы дудукылар ауп дшыҟоу ала. Ауаа зегьы ҳәарада еиԥшым, рцәа аԥштәы, ркультура, рдинхаҵара, ма араса ала. Иаҳҳәап ашкол аҟны аҵара рҵар