2020-01-01
ბავშვთა უფლებები
ბავშვებო, მინდა გაგაცნოთ, თუ როგორ უნდა მოიქცეთ, თუ პოლიციელმა გაგაჩერათ. ამის შესახებ არსებობს კანონები და წესები, რომელიც არც პოლიციელმა, არც სხვა უფროსმა, და
2020-01-01
Автор Қеҭи Џьаҟели
Нита ашкол –аҵаҩы лоуп, уи лықәлацәа дрылукаауеит: уи иҷыдоу аҭаххара змоу ҵаҩып, лхала анеиааира лылшом, аинклузивтә аҵара лҭахуп. Нита инагӡоу аҵара аиура лҭахуп, аха уи анагӡара алшара лымам, избанзар ашкол Нита лҭаххарақәа ирықәнагом. Нита илеиԥшу, иҟалар ҟалоит егьыр ауаагьы ирҭахызар ас еиԥш иҟоу аҵара аиура, урҭ рцәеижьы аҟныи, рыхшыҩи, рсоциалтә-ацәанырратә агхақәа рымазар ҟалоит, аха иаҳхамшҭыр ауп, ауаа зегьы шеиҟроу, дарбын уаҩызаалак имоуп азин инагӡоу аҵара аиура.
Шәааи ҳалацәажәап аинклиузивтә ҵара иаанаго.
Иаҵанакуеи аинклиузивтә ҵаралшара?
Аинклиузивтә ҵара иаанаго еилаҳкаарц азын, иаҭахуп, иаҳдыруазар иаанагои ажәа- инклиузиа. Инклузиа уи алахәылара, аинклузивтә ҵара аиура, иаанагоит, иҷыдоу аҭаххарақәа змоу аҵаҩцәеи, урҭ рықәлацәеи ҭыԥк аҟны аҵара реицҵара.
Иҷыдоу аҵаралшара аҭаххара змоу аҵаҩыс иԥхьаӡоуп:
Еиҵаку алшара змоу, зыҿиара маҷу ахәыҷы имоуп аҿиараз акы ма ирацәоу аԥырхагақәа. Уи имазар алшоит:
Асоциалтә-ацәанырратә уадаҩрақәа змоу –уи ахымҩаԥгаратә агхақәа рымоуп, ацәанырратә еилагарақәа, азҿлымҳара рымаӡам, рактивра ҳракуп, акомуникациа рцәыуадаҩуп;
Аинклиузивтә аҵара хықәкыс иамоуп, ахәыҷқәа зегьы, урҭ акыр еиԥшымзыргьы, ҭыԥк аҟны аҵара еицырҵарц, иарбын ԥырхагоу, ма гхоу ирымоу, реиԥшымра иахәамԥшыкәа , аҵара аҟны ахадара ҳәа акгьы амаӡам, иарбын ԥкыроу ма изакәытә ԥырхагоуи имоу уи, иҟалар алшои аҵаҩы еиҵаку алшара имазар, аҟабаҩ, етникала дмаҷзар, аԥштәхәы змоу ацәеижьы, ибла иамбозар, илымҳа иамаҳозар, аиҭаҵра илымшозар, абарҭ зегьы ирыхәамԥшыкәа, иқәлацәа дрыцны аҵара аиура алшара имазар ауп, ашкол аԥсҭазаара далахәызар ауп. Иҷыдоу аҭаххара змоу ақәыԥш ақтиврала далахәызар ауп ауаажәлартә ԥсҭазаара. Ахәыҷқәа зегьы алахәызар ауп аҵаралшаратә апроцесс егьырҭ ахәыҷқәа ирыцны. Аинклиузивтә ҵара еиқәнаршәоит иҷыдоу аҵаралшара зауыр зҭахәу ахәыҷқәа зегьы рҵараиура ацхыраара; урҭ рсоциалтә интеграциа; урҭ ринтиресқәеи, рылшарақәеи рыԥшаареи рырҿиареи; ацхыраара рыҭара, ахәыҷқәа рхатәы доуҳатә дунеи аҟны, рхатәы гәаанагара рыхьчарц, рзинқәеи, рхатәы апатуи.
Ауаажәлар зегьы рхатәы азнеирақәа рымоуп еиҵаку алшара змоу ахәыҷқәеи, адуцәеи рзы, уи иалоуп: ашәара, рхы авгара, иҷыдоу аҿлымҳара, аилкаара, иҽеимкәуа рызнеира, азарал рызҭо атолерантра. Ари зегьы аԥынгылара ауп ЕАЗ ауаа рзын ауаажәлар рҟны аизыҟазаашьақәа распект аҿы.
Аҵаҩы аинклиузивтә аҵара ахьиоуа аҭыԥ зеишроуи?
Аинклиузивтә аҵара аиура алҵшәа аманы иҟаларц азын ихымԥадоуп иакымкәа аҭагылазаашьақәа рыхьчара: уаҟа иҟазар ауп иманшәалоу аҭагылазаашьа; иҟазар ауп азҳаҵҳаҵара змоу аҭагылазаашьа аҵаҩцәа зегьы рахь, урҭ рҭаххарақәа рзы; еиқәыршәазар ауп зегьы рзын еиҟроу аҵара аиура аҭагылазаашьа; аҵаҩыцыԥхьаӡа имазар ауп алшара ашколтә усқәа рылахәыра.
Угәы иаанагозар, еиларгоит узин ма уааигәара иҟоу шьоукы рзин, АЗИХ аиуристтә ацхыраара имазеиуп, иунаҭар еиуеиԥшым аиуристтә цхыраара.
Иулшоит иаҳзыуҩыр авеб-даҟьа аҟны иҟоу ачат аҿы, иара убас аҭел-шы уаҳзасыр -1485; ма абри иарбоу аномер ала уаҳзас: 032 292 00 55.
Убла хыумҩан, ианубо, ишеилаго аӡәы изинқәа, иухаумыршҭын, уара ула ԥхьаҟа иргылоу ашьаҿа, даҽа шьоукы рыԥсҭазаара еиӷьу ахь иаԥсахуеит.
2020-01-01
ბავშვებო, მინდა გაგაცნოთ, თუ როგორ უნდა მოიქცეთ, თუ პოლიციელმა გაგაჩერათ. ამის შესახებ არსებობს კანონები და წესები, რომელიც არც პოლიციელმა, არც სხვა უფროსმა, და
2020-01-01
Атолерантра иаанаго даҽаӡәы дудукылар ауп дшыҟоу ала. Ауаа зегьы ҳәарада еиԥшым, рцәа аԥштәы, ркультура, рдинхаҵара, ма араса ала. Иаҳҳәап ашкол аҟны аҵара рҵар