slider banner

Автор: Қеҭи Џьаҟели

  Нита агәарԥ аҟны даныхәмаруаз, ашкол аҿы, лықәлацәа дрыцны, лассы иҟалахьеит лықәлацәа рыла абулинг даҿаҵахәны. Уи уатәазымбо ахьыӡ лыхьӡырҵит, илхыччоит, ддыршәоит, илықәмақаруеит , дрыпҟоит… Нита даараӡа ацәанырра змаз лакәын, уи лзы ас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьа лгәы иаахәомзт, уи лхы атәарбом ҳәа илыԥхьаӡот, ауаа рыгәра лгаӡом, дшәоит, еиҭах ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа дақәшәар ҳәа. Шәааи ҳалахәып Нита лыхҭыс, ас еиԥш иҟоу ахҭыс ҳақәшәар, иаҳдыруаз аус зҿы иҳамоу, ҳхы шԥамҩаԥаҳгаша.

Зегьы раԥхьаӡа, аинтирес умазар акәхап, изакәыи булинг?

Атермин «Булинг»иаанагоит махәҿалатәи амчра, аршәара, акҿацалара. Иҟоуп абулинг асахьақәа хԥа: ацәанырратәи, ажәалатәи, махәҿылатәи. Абулинг ҟарҵар рылшоит ахәыҷы изы даҽа аӡәы ила, урҭ ирыхәҭакзар ҟалоит акласс ицҭоу ма егьырҭ иқәлацәа.

Ишԥаҳдырри  абулинг иаҿаҵахәхаз шҳаку?

 

Булинг аарԥшрақәа: уатәазымбо ахьыӡ аҭара, ахыччара, агәыԥ алцара, ицензым ажәақәа рыҩра, амаҭәар ма аформа амҵарсра, ашәҟәыла ма ажәала ахьымӡӷ ҟаҵара, азеиԥш усура аҟнытә алцара, амақарра, аршәара, агәҭасра, ҭачкәымла ма напыла апҟара, ацәгьаҳәара, «иатәарымбо» иԥхашьароу, икомфортым, угәы иаамыхәо аҭагылазаашьа иақәыршәара, иқәыӷәӷәаны –иара ииҭахым ирҟаҵара.

Уаргьы ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа аҟны уҟалахьазар умшәан! Иухәумыршҭын, иҟоуп ауааԥсыра, уара уцхыраара зылшо, иухоумаршҭын, уара умацара уҟам- узаҵәым.

Дызлеилаҳкаауеи аргәаҟҩы шиаку, абулер?

Лассы аргәаҟҩы, ақәылаҩы арԥыс иҭахуп, деиҳабны, дыӷәӷәаны дырбозар, лассы иқәлацәа, еиҳабцәа, иҭаацәара рхаҭарнакцәа ааха риҭоит…Уи имцхәу аенергиа имоуп, ихы имцхәу апозитивтә ма анегативтә гәаанагара имоуп, шьоукы рҿы амчра мҩаԥигар иҭахуп. Уи лассы ашәара имоуп, иара ихаҭа амчра изыруыр ҳәа.

Изакәытә ҭаххареи дзықәныҟәо аргәаҟҩы?

Аргәаҟҩы иҭахуп еснагь азҭлымҳара иара изыҟарҵалар, иҩызцәа рҟны ауадаҩрақәа имоуп, ацәгьара ҟаиҵоит ҳәа иԥхьаӡом, илшом даҽаӡәы иҭагылазаашьа ахьаагара. Уи иҟаиҵо ацәгьарақәа дрызхәыцуам.  Аргәаҟҩы иҟаиҵо ацәгьарақәа, ахьаа иҟаиҵо, ахьаа зиҭо, махәҿыла ма психологиала абарҭ зегьы уи еснагьтәи иԥсҭазаара иаҟазшьоуп.

 

Булинг аҟнытә ааха иоуыр ҟалоит ҳара ҳаҟнтә дызусҭазаалак аӡәы, ҳастатуси, адунеихәаԥшреи, ацәеижьытә ҟазшьақәа ҳрыхәамԥшкәа

Ааха зауа ихы хьчамкәуа иԥзхьаӡоит, икәадоу, ипатудоу, иқәлацәа рҿы аимадарақәа  ззышьақәмыргыло. Ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь днеиуам, избанзар дшәоит, уи даҽаӡәы димпҟарц азын.

Изакәыт хкылеи ицәырҵуа булинг?

Иҟоуп абулинг еиуеиԥшым асахьақаә:

  • Ателевизиатә булинг
  • Кибер булинг
  • Агәыԥтәи амчра
  • Асексуалтә булинг
  • Ацәанырратә булинг
  • Ажәалатәи булинг
  • Ацәажьылатә бызшәатәи абулинг
  • Амахәҿылатә булинг

Иаанагои кибер булинг, изакәытә шәарҭоуи иҟанаҵо?

 

21 –тәи ашәышқәсазы ахәыҷқәа ақтиврала рхы иадырхоит аҿыц технологиақәа, урҭ асоциалтә акаҭқәа ирылахәуп, ирымоуп еиуеиԥшым аинформациа адырра алшара, авиртуалтә ҩызцәа дырҳауеит..арҭ зегьы иаздырҳауеит акибер булинг ашәарҭа.

Кибер булинг  - инагӡоит еиуеиԥшым атехнологиа ала. Ацәгьараҟаҵаҩ илшоит анонимла аимадара имазар ааха ззиуыр иҭаху иҿы. Кибер булинг анагӡара ҟалоит Меил ала, асоциалтә акаҭла, авеб-даҟьала, убас иҵ. Абулин ари аформа акыр угәы иаамыхәаша ишәарҭоу ауп; лассы, ааха зауа аԥсихологиатә хьаа инаҭоит. Ҳара ҳалабҿабара аҟны кибер булинг аиааира акырӡа иуадаҩуп, ахадара амоуп, ауаҩы идыруазар, изакәытә ԥырхагоу инаҭар алшо, абулинг ныҟәызго еиԥш, иара убас абулинг ахьаа знаҭо изгьы.

Ишәыԥхьаӡозар шәара, ма шәааигәара иҟоу аӡәы изинқәа еиларгоит ҳәа, булинг ахьаа знаҭаз шәакәзар, Аиуристтә ацхыраара амаҵура мазеиуп, ишәнаҭар еиуеиԥшым аиуристтә цхыраарақәа.

Иулшоит иаҳзыуҩыр авеб-даҟьа аҟны иҟоу ачат аҿы, иара убас аҭел-шы уаҳзасыр -1485; ма абри иарбоу аномер ала уаҳзас: 032 292 00 55.

Убла хыумҩан, ианубо, ишеилаго аӡәы изинқәа, иухаумыршҭын, уара ула ԥхьаҟа иргылоу ашьаҿа, даҽа шьоукы рыԥсҭазаара еиӷьу ахь иаԥсахуеит.

Ҳарҭ ҳаидгыланы иҳаԥсахуеит ҳара ҳалабҿабара еиӷьу ахь!!!

Астатиа ирмазеиуп ҵаҟа иарбоу ахыҵхырҭақәа рыла, аха уи аналаг акәӡам.

 

Ахыҵхырҭа 1. Арҵаҩцәа рзаанаҭтә ҿиара ацентр-

«Ашколқәа рҟны абулинг апревенциеи, атолерантратә культуреи рыҿиареи ацхыраара»

 

Ахыҵхырҭа 2. «Аҵареи, ахәшьара аҭареи» авторцәа:  Русудан Тҟьемалаӡе

                                                                                                           Нана Далақьишвили

                                                                                                          Қеҭеван Ҭоԥаӡе

                                                                                                           Ҭаҭиа Паҷкориа

                                                                                                           Ҭамар Буҵашвили


Ателевизиатә булинг Кибер булинг Агәыԥтәи амчра • Асексуалтә булинг Ацәанырратә булинг Ажәалатәи булинг Ацәажьылатә бызшәатәи абулинг Амахәҿылатә булинг